Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит арегион аҟны иуадаҩу арра-политикатә, астратегиатә ҭагылазаашьа шыҟоугьы, аоперативтә, амобилизациатә, иара убас арратә ҽазыҟаҵарақәа бзианы ишымҩаԥгаз.
Аплан инақәыршәаны имҩаԥгоуп 20 уснагӡатә аоперативтә ҽазыҟаҵарақәа рхырхарҭала, 300 инарзынаԥшуа амобилизациатә, иара убас арратә ҽазыҟаҵарақәа. Аштабқәеи архәҭақәеи рымҽхак арҭбаареи рҽазыҟаҵарақәеи 2025 ш. инаркны ҳахәаԥшуазар, акырӡа еизҳаит.
Ахада иазгәеҭеит, Арбџьар мчқәа разыҟаҵарақәа рыҩаӡара атәыла амчратә еилазаарақәеи Урыстәылатәи Афедерациа Арратә мчқәеи русеицура иабзоураны акыр ишеиӷьхаз. Аусеицура иалнаршеит ҳазҭагылоу аамҭазы арратә еимакқәа рыҟны архәҭақәа рԥышәеи разыҟаҵарақәеи рхархәара.
Бадра Гәынба азҿлымҳара аиҭеит ар р рыдҵаҟаҵаҩцәеи аиҳабацәеи гәыԥҩык аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа ирызкны иазгәарҭаз авбақәа, рыпофессионалтә ҽазыҟаҵарақәеи рнапаҵаҟа иҟоу архәҭақәа русуреи дырҽеирц. Адҵаҟаҵаҩ Хада иҳәеит аԥхьаҟа ас еиԥш иҟоу агхақәа ҟалашьа шрымам.
2027 ш. аҵарашықәс аусура азгәаҭо, Бадра Гәынба адҵа ҟаиҵеит:
аштабқәеи аруааи иарбан ҭагылазаашьазаалак аҿы изызку ауснагӡатәқәа рынагӡара разхиара аизырҳара, уи арратә зыҟаҵараан ҷыдала амч хадақәа азкны.
аҩаӡарақәа зегьы ирыҵаркуа аҳәынҭқарратәи арратәи напхгараҭаратә усбарҭақәа, иара убас аибашьра аамҭазтәи Арбџьар мчқәа реибашьратә еилазаара арратә хәҭақәа зегьы арратә зыҟаҵара радархшра алыршара.
Ар Рхада инапхгарала астратегиатә ҽазыҟаҵара аиҿкаара. Ҩба-хԥа мшы рыҩныҵҟа ар рмобилизациатә еиҿкаара акыр анырра азҭо иактуалтәу азҵаарақәа аус рыдулара.
Аҳәынҭқарра Ахада инапхгарала аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рыцҵара, урҭ рыуадаҩра акыр ишьҭыхны. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭатәуп адҵаҟаратә еилазаареи аруааи рыпрактикатә усура, арезервтә еиҿкаарақәагьы налаҵаны, иара убас ареспублика амчратә еилазаарақәа рымчқәеи рхархәагақәеи аус рыцура.
Аԥсни Урыстәылеи рыруаа ихарҭәааны арҵаратә программақәа реицазыҟаҵара алыршара, аиҩызаратәи аиашьаратәи ҳәынҭқаррақәа рыруааи дареи рцусеицура апрактика арҭбаара.
Аоператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәеи адҵаҟаҵаратә еилазаара рзанааҭтә зыҟаҵареи рыҩаӡара ашьҭыхра, уаанӡа иаарԥшыз агхақәа раԥыхра ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭаны.
Иқәыргылоу адҵақәа хаҭабзиарала рыӡбареи атәылахьчаралшара арӷәӷәареи зылшо зазыҟаҵара ҳараку адҵаҟаҵаҩцәа, аҿарацәа еиҳа активла ралархәра.
Атәыла аҵакыра хаҭалатәи аилазаара адыррала реиқәыршәареи иарбан ҭагылазаашьазаалак аҿы аусура азхиареи ралыршара, уахгьы-ҽынгьы уахь иналаҵаны, рнапы ианҵоу абџьар ҟазарыла ахархәарала.
Аҳәынҭқарра Ахада игәалаиршәеит ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымза 29 рзы аԥхьаҟатәи ахышықәса рзы Арбџьар мчқәа Рыҿиара аплан шышьақәирӷәӷәаз. Адокумент иазԥхьагәанаҭоит ар реиҭарҿыцреи аррамаҵзурауаа рмаҵзура аҭагылазаашьақәа реиӷьтәреи рзы аусмҩаԥгатәқәа реизак.
"Иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы хьаҳә-хьачарада инагӡалатәуп", - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Ар Рхада иажәақәа рыла, аԥсуа ар рыҿиаразы аҵак ҷыда амоуп Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьар мчқәа аус рыцура. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит арратә аусхк аҿы аусеицура аԥхьаҟагьы аизырҳара шхымԥадатәиу.
Ахыркәшамҭаз Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра атәылахьчаралшара ишиашоу ишадҳәалоу Арбџьар мчқәа разыҟаҵара аҩаӡареи адҵаҟаҵаратә еилазаара иарбан ҭагылазаашьазаалак аҿы аԥсадгьыл ахьчаразы ахыдҵақәа рынагӡара рылшареи.