Print this page
Асабша, 24 Жьҭаара 2026 19:17

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Машук иаатыз аҵарадырратә усмҩамгатә «ПРО образование»алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

Уи иалахәуп Аԥснынтәи 150-ҩык инарзынаԥшуа арҵаҩцәеи, аҵараусхк анапхгаҩцәеи. Аԥсны Ахада иааԥхьара даԥхьеит аҵара аминистрра ахаҭарнак Елена Чачхалиа. 

Ааԥхьараҿы иазгәаҭоуп:  

«Ҳаҭыр зқәу аҵарадырратә усмҩамгатә «ПРО образование» алахәылацәа!

Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра арҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәа еидызкыло, адырра аизырҳара иазкыу аусмҩаԥгатәаартра. Аҵак ду амоуп аҵарадырра аусхк аҿы Урыстәылеи ҳареи ҳусеицура есааира амҽхак ахьарҭбаауа.

Гәахәара дууп ацентр «Машук» аҟны аԥышәа аизырҳара иахьахысхьоу 170-ҩык инареиҳаны Аԥснынтәи арҵаҩцәа. 

Аҵарааусхк еснагь аҳәынҭқарра иауасхырын, ус иагьаанхоит иахьагьы. Убри азоуп ҳарҵаҩцәа рԥышәа аизырҳара лымкаала ахшыҩзышьҭра заҳҭо. 

Агәра ганы сыҟоуп шәызлахәу аусмҩаԥгатә иабзоураны ишәырҳауа адырра ҿыцқәа аҿар рааӡараҿы ахархәара бзиа шрауа.

Ишәзеиӷьысшьоит аманшәалара, шәнапы злакыу иԥшьоу аусаҿы аихьӡара дуқәа». 

Read 59 times