Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Кәтол ақыҭан имҩаԥысыз иналукааша аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ, еицырдыруа аԥҟаҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳақьым, аамҭаказы агәабзиарахьчара аминистрс иҟаз, Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахәбатәи ааԥхьара адепутат, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Аполлон Гәыргәлиа аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.
Ахада гәалсра дула дрыдышшылеит Аполлон Гәыргәлиа иҭаацәа, иазгәеиҭеит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ауаа рыԥсҭазаара аиқәырхаразы иибаз аџьабаа, иара убас агәабзиарахьчара ахырхарҭаҟны илагала.
Аполлон Гәыргәлиа иԥсҭазаара далҵит 74 ш. шихыҵуаз ихьуаз ачымазара хьанҭа иахҟьаны. Иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара.