Print this page
Аԥшьаша, 22 Жьҭаара 2026 18:14

Бадра Гәынба ацәыргақәҵа "Шьалуа Инал-иԥа - ауаҩы-аҵарауаҩ даҭааит---

Иахьа Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа диижьҭеи 110 ш. аҵра иазкыз ацәыргақәҵа даҭааит. Аҳәынҭқарра Ахада изы аекскурсиақәа мҩаԥылгеит аҵарауаҩ иԥҳа, ауаажәларратә усзуҩ Арда Инал-иԥа. Ацәыргақәҵаҟны иӡыргоуп Шьалуа Денис-иԥа иҭҵааратә усумҭақәа, имонографиақәа, инапылаҩырақәа, аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа, афотосахьақәа, ихатәы маҭәарқәа, имшынҵақәа, асалам шәҟәқәа, иоригиналтәу аҩыратә еицәажәарақәа, архивтә нҵамҭақәа, иара убас егьырҭ аматериалқәа иҭҵааратәи иуаажәларратәи усумҭақәа зныԥшуа. Ахада ибеит ицәыргаз аекспонатқәа, урҭ ирныԥшуеит аҵарауаҩ ихаҭара, аԥсуа жәлар рқьабзқәа, ркультура, рҭоурых аҟны илагала, иара убас амилаҭтә хаҿра аиқәырхаразы аҭоурыхтә ҭынха аҵакы. Ацәыргақәҵа иаҭааз Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Шьалуа Инал-иԥа иусумҭақәа рҵакы, ҳазҭагылоу аамҭазы ауаажәларреи еизҳауа абиԥарақәеи рзы аҭыԥ ҷыда шааныркыло. "Ҳара ҳхы ҳаназҵаауа, аԥсуа ихымԥҩагашьа зеиԥшразаракәу, иарбан қьабзқәоу дзықәныҟәаракәу, ҳаԥсҭазаара аиҿкаашьа шыалыршатәу уҳәа ҳаназҵаауа, сгәы иаанагоит арҭ азҵаарақәа зегьы рҭакқәа Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа иҭоурыхтә усумҭақәа рыҟны иуԥшаарц ҟалоит ҳәа. Иара ишәҟәқәа, иҭҵаарақәа, иматериалқәа инарҵауланы ирныԥшуеит зегьы. Шьалуа Денис-иԥа итҵааратәә ҭынха - ари милаҭтә мазароуп, ҳажәлар рзы хәы змам ҭынхоуп. Иара иусумҭақәа, иҭҵаарақәа аҵак ду рымоуп Аԥсназы, ҳҭоурых, ҳкультура, ҳбызшәа, ҳмилаҭтә хаҿра аиқәырхаразы. Абарҭқәа зегьы хьчаны, еиқәырханы аԥхьаҟатәи абиԥарақәа ирызнагазароуп. Аҳәынҭқарра ахықәкы - иазырхиоу аматериалқәа ркьыԥхьра, реиҭаҭыжьра, ҳҿар рнапаҟны ироуртә еиԥш. Ҳарҭ иаҳуалуп Шьалуа Денис-иԥа иҭҵааратә усумҭақәа реиқәырхаразы аҭагылазаашьа аԥҵара, ҳажәлар рымаҵ руртә, еизҳауа абиԥарақәа рзы ицхыраагӡаны иҟалартә ҳқьабзқәеи, ҳдоуҳатә мазареи аҵакы реилыркаара алыршахарц азы",-иҳәеит Ахада.
Read 3 times