Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала еиҿкаауп аҳәынҭқарратә ҳәырԥсарра ҿыц «Алаҳаш-абаа»
▫️ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рҳәынҭқарратә сиа аԥсахрақәа ралагаларазы», «Аԥсны аҳәынҭқарратә ҭоурых-архитектуратә, археологиатә, аҭоурых-культуратә ҳәырԥсаррақәа Рсиа аԥсахрақәа ралагаларазы» рзы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
▫️ Атәыла Ахада идикылаз азыӡбала аҳәынҭқарратә ҭоурых-архитектуратә, археологиатә, аҭоурых-культуратә ҳәырԥсаррақәа рсиа харҭәаауп аобиект ҿыц — Маркулатәи аҭоурых-архитектуратә ҳәырԥсарра «Абаа Алаҳаш-абаа » ала.
▫️ Аҳәырԥсарра Алаҳаш аҳаблан Маркула аӡиас армарахьтәи аԥшаҳәа ахәҟьаҟьара ҳарак аҿы ишьҭоуп.
Аобиект абаҟақәа ркомплекс иалоуп: ▫️ Алаҳаш-абаа абааш (ҳ.ҳ. III-XIV ашә.-қәа);
▫️ Аныха (IV ашә., ҳ.ҳ. XIV–XV ашә-қәа.);
▫️ Менгир (анеолит, абжьарашәышықәса);
▫️ Аԥсыжырҭа (I ашә. ҳ.ҟ. – I ашә.ҳ.ҳ.);
▫️ Афатә-ажәтә ашьҭаҵарҭа (III-VIII ашә.-қәа ҳ.ҳ.);
▫️ Абаа аҭӡамцқәа (III–IV ашә. .-қәа ҳ.ҳ; XIV-XV ашә. .- қәа ҳ.ҳ);
▫️ Абаа (III–IV ашә.; XIV-XV ашә.);
▫️ Археологиатә культуратә ҿыгҳарақәеи аԥшаахқәеи (VIII ашә.ҳ. ҟ. – XV ашә.ҳ.ҳ.).