Print this page
Ахәаша, 20 Хәажәкыр 2026 18:17

Ахада Аԥыза-аминистр инапы ианиҵеит Ауаажәларратә форум Арезолиуциа "Аиҿцәажәара. Аиқәшаҳаҭра. Аҿиара" анагӡаразы ажәалагалақәа разырхиара

Аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи ауаажәларратә еилазаареи рыбжьара атәылауаҩратә уаажәларреи рыбжьара аиҿцәажәара ралыршаразы Аԥсны  Ахада Гәынба Бадра Аԥыза-министр Делба Владимир инапы ианиҵеит 2026 ш. хәажәкырамза 20 рзы ирыдыркылаз Ауаажәларратә форум "Аиҿцәажәара. Аиқәшаҳаҭра. Аҿиара" Арезолиуциа ахәаԥшра.

Аҳәынҭқарра Ахада уснагӡатәны иқәиргылеит 2026 ш. лаҵарамза 7-нӡа Арезолиуциаҟны иарбоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра Реилазаара азинмчқәа ирыҵанакуа азҵаарақәа рзы абжьгарақәа рынагӡаразы ажәалагалақәа изнагара.

Read 8 times Last modified on Ахәаша, 20 Хәажәкыр 2026 19:02