Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа аиҳабы Ӷәынџьиа Роман Аԥсны Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа ашьақәгылареи аҿиареи рыҟны хаҭалатәи илагаламҭеи шықәсарцәалатәи ламысцқьала иусуреи рзы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.