Print this page
Аԥшьаша, 05 Хәажәкыр 2026 21:20

Ахада Ашәарҭадара Ахеилак изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥигеит

▫ ️ Аилатәараан иалацәажәан аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа (БПЛА) Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳаиртә ҵакыра аилагара иадҳәалоу аҭагылазаашьа. Атәылахьчара Аминистрра анапхгара адырра ҟарҵеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа раԥыхразы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа рзы.

▫ ️ Атәыла Ахада амчратә еилазаарақәа рҿаԥхьа адҵа ықәиргылеит ас еиԥш ахҭысқәа рықәҿыҭраан иалахәу аусбарҭақәа русециура аиҿкаара алыршаразы. 

▫️ Аҳәынҭқарра ахада иара убас анапынҵа ҟаиҵеит ауааԥсыра рыбжьара ас еиԥш аҭагылазаашьақәа аныҟала ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәеи иахәҭоу ашәарҭадаратә уснагӡатәқәеи рзы аилыркааратә усура амҩаԥгаразы.

Read 29 times