▪ ️Абри амш аҽны Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит.
▪ ️ Џьгьарда ақыҭан амемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа иара убас иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ БигәааБеслан, аԥыза-министр Делба Владимир, Апарламент адепутатцәа, Аиҳабыра алахәцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
▪ Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра хәажәкырамза амш аҽны иҟаиҵаз Аҳәамҭаҟны иазгәеиҭеит:
▪ ️ "Сергеи Багаԥшь Владислав Арӡынба иҭоурыхтә курс иациҵеит. Уи анапхгараҿы иҟазаара ашықәсқәа раан Аԥсны аҳәынҭқарратә институтқәа рырӷәӷәара алыршан, ҭоурыхтә хҭысны иҟалеит — Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара".