Print this page
Ахаша, 31 Ԥхынҷкәын 2025 19:26

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҧсны ҧасатәи Ахада Рауль Ҳаџьымба Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иԥа!

Ишәыдысныҳәалоит ҳазҭало Ашықәс ҿыц аныҳәа! Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы ҳҳәынҭқарра напхгара азҭоз рлагамҭа пату ақәҵара ҳуалуп хымҧада. Иахьатәи аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы шәылшамҭақәа рацәоуп.

Ишәзеиҕьысшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара бзиа, ҭаацәаныла аизҳара, аманшәалара». 

Read 30 times Last modified on Аԥшьаша, 01 Ажьырныҳәа 2026 19:31