Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Урыстәыла Ахада Вдадимир Путин Аконституциа амш идиныҳәалеит.
"Ҳаҭыр зқәу Вдадимир Вдадимир-иԥа!
Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Урыстәыла ажәлар зегьы гәык-ԥсык ала ирыдысныҳәалоит Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш!
Азакәан хада адгылара акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит иӷәӷәоу, исуверентәу, идемократиатәу ҳәынҭқаррак аҳасаб ала астратегиатә мҩа аҿиара ҳәаакәызҵаз Урыстәыла аҭоурых ҿыц аҟны.
Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа ауаҩытәҩса, уи изинқәа, ихақәиҭрақәа ԥыжәара аҭаны ирыланаҳәоит, аиашара, атәылауаа рсоциалтә хьчара алнаршоит, милаҭрацәала еилоу атәыла ду акзаареи аҭышәынтәалареи уасхыр ӷәӷәаны ирзышьҭоуп.
Арҭ апринципқәа ирыбзрураны Урыстәыла шьаҭанкыла аҿиара мҩаԥысуеит, аҳәынҭқарратә мчхара, аекономикатә, адоуҳатә шьаҭа есааира арӷәӷәара иаҿуп, уи иқәынхо ажәларқәа еизыразрала, ҳаҭыреиқәҵарала еицынхоит.
Ҷыдала, иазгәасҭарц сҭахуп агәреибагара шьаҭас иамоу аԥсны-урыстәылатәи аизҟазаашьақәа. Вдадимир Вдадимир -иԥа, Шәара шәнапхгарала Урыстәыла ҳтәыла адгылара анаҭоит, ашәарҭадареи аҿиареи ашәарҭадареи рышьақәыргылараҟны хәы змаӡам алагала ҟаҵо. Аԥсны жәлар ахә ҳаракны иршьоит аамҭа иаԥнашәахьоу ҳаиҩызара.
Ҳаҭыр зқәу, Владимир Владимир-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, Урыстәыла аҳәынҭқарреи ажәлари рымаҵ аураҟны аихьӡарақәа, Урыстәыла ажәлар зегьы - аҭынчра, аизҳазыӷьара!"