Print this page
Ахаша, 10 Ԥхынҷкәын 2025 18:38

Гәынба Бадра Афонҿыцтәи аҳаҧы аҭааҩцәа рзы иаартуижьҭеи 50 шықәса аҵра иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Афонҿыцтәи аҳаҧы аҭааҩцәа рзы иаартуижьҭеи 50 шықәса аҵра иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын. ▫️ Аҧсны атуристтә обиект хадақәа ируаку аиубилеи уи аусзуҩцәа ирыдныҳәало,  Гәынба Бадра иазгәаиҭеит: ▫️ «Ҳаҭыр зқәу  иахьатәи аиҧылара иалахәу ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа! ▫️ Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Афонҿыцтәи аҳаҧы аҭааҩцәа рзы иаартуижьҭеи 50 шықәса аҵра арыцхә!Ари аамҭа иалагӡаны Афонҿыцтәи аҳаҧы Аҧсны асимволқәа ируакны иҟалеит. Уи аҭбаара, иблахкыгоу азалқәа рыҧшӡара идыршанхоит аҩныҵҟа иҭаланы избо зегьы. ▫️ Иахьа аиубилеи аҽны даҳгәалаҳаршәоит ари аҧсабара амаӡа аартра зыбзоуроу, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, асахьаҭыхҩы, аскульптор  Смыр Гиви. Уи игәымшәареи, иеилҟьареи, иҧсадгьыл ахь имаз агәбылреи ирыбзоураны иаартуп адунеи зегь еицырдыруа Афонҿыцтәи аҳаҧы. ▫️ Исҭахуп иара убас иҭабуп ҳәа шәасҳәарц шықәсырацәала ари атуристтә наплакы иазааҧсо аусзуҩцәа.  Шәара ишәыхьчоит ҳаҧсадгьыл абеиара, шәазгәдуны аҭааҩцәа ирзеиҭашәҳәоит уи аҭоурых, гәаартыла шәырҧылоит асасцәа.   ▫️ Акыр иаҧсоу аколлектив ахаҭарнакцәа! Ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, аманшәалара, шәнапы злаку аус аҿы аихьӡара дуқәа.  Еицакра ақәымзааит аринахысгьы Аҧсны жәлар ргәадурақәа ируакыу Афонҿыцтәи аҳаҧы". ▫️ Анаҩс шықәсырацәала аџьабаа збахьоу аусзуҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада иусҧҟала «Аҧсны зҽаҧсазтәыз акурорти атуризми русзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа ранашьан.  
Read 5 times