▫️ Анапхгаҩцәа ркадртә еицлабра «Аԥсны Акоманда» аҟнытә «Акультуратә коди хра злоуи» агәыԥ апроект анагӡара мҩаԥысуеит урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ВЭБ.РФ. аҿиара акорпорациа иҟанаҵо адгыларала. Агәыԥ напхгара аиҭоит Ахада ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан.
▫️ Апроект хықәкыс иамоуп ареспбулика ақалақьқәа быжьба рзы ацифратә мҩақәҵага (шәҟәы) аԥҵара.
▫️ Апроект иазԥхьагәанаҭоит иуникалтәу атуристтә хырхарҭақәа бжь-қалақьк рыҟны: Гагра, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Аҟәа, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал. Маршрутцыԥхьаӡа иазыԥҵәоуп 1,5–2 сааҭктәи шьапыла аныҟәара.
▫️ «Акыр иаԥсоу аҩызцәа, шәбара сеигәырӷьоит апроект «Аԥсны шьапыла уалс» иалахәу зегьы!
▫️ Сара сзы гәахәароуп ари апроект абас ауаа рацәа ахьалоу, сагьеигәырӷьоит абас еиԥш акрызҵазкуа ахҭыс сахьалахәу.