Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахади Иадминистрациаҟны Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы Беслан Ешба ихантәаҩрала араионқәа рыҿиареи атурисатә усхк аҭагылазаашьеи ирызкыз аилацәажәара мҩаԥысит.
Аилацәажәара алахәцәа азҿлымҳара зырҭаз акәны иҟалеит иналак-алакны аӡбамҭақәа рҟынтә атуризм зхала иҟоу аекономика ахырхарҭала акәымкәа, аинфраструктура аҿиара аусхк аҟны ихадароу факторны аҟалара, атәыла араионқәа рыҟны ауаа рсыра рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәра алзыршо асистематә политикахь аиасра.
Аиԥылараҟны ирылацәажәан Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рыҟазаара бжьаратәла аизҳатәра, мышктәи атуризм ацәхьаҵра. Чыдала хшыҩзышьҭра аҭан араионқәа рылшарақәа, атуристтә, акультуратә, акреативтә хырхарҭақәа рыла, иара убас аинфраструктура аҿиара, зыквалификациа ҳараку акадрқәа разыҟаҵара.
Хазы иззааҭгылаз зҵааран шықәсынаӡактәи аԥсшьара аформат арҿиара, агемпингқәа раԥҵара, иара убас атәыла атранспорттә лшара зырманшәало. аҳаиртәеимадара арҭбаара убрахь иналаҵаны.
Аиԥылара аихшьалақәа рыла, иалкаан иеишьашәалоу аусбарҭақәа аԥхьаҟатәи русура ахырхарҭа хадақәа. Инаҵшьны иазгәаҭан атуристтә усхк комплексла азнеира, убри аан уи аекономикатә лҵшәа араионқәа рыҿиареи атәылауаа рыԥсҭазаара ахаҭабзиареи ишырныԥшыр акәу.