Print this page
Ахаша, 18 Абҵара 2026 17:18

Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа ихы алаирхәит Гал ақалақь шьақәгылеижьҭеи 94 ш. ахыҵра иазкыз аофициалтә усмҩаԥагатә

Аныҳәатә усмҩакԥгатә хацыркын Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз аибашьцәа рҳаҭгәын аҟны ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Уи рхы аладырхәит Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥыза-аминистр Владимир Делба, Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, атәылеи араиони рнапхгарақәа рхаҭарнакцәа.

Беслан Бигәаа аныҳәатә еилатәараҟны даԥхьеит Ахада идныҳәаларатә шәҟәы. 

Адныҳәалараҟны аҳәынҭқарраАхада иазгәеиҭеит, Гал араион Аԥсны мрагыларатәи агәашәқәа шыруаку, анхацәа ракәзар, еснагь аџьауси ақыҭанхамеи рхырхарҭала рыхьӡ шнагоу.  

Ахада иазгәеиҭеит, атәыла аԥхьаҟатәи аԥеиԥш иацу аҭакԥхықәра, ауаажәларра ракзаара иабзоуроу шырацәоу, ихьыԥшым, иӷәӷәоу Аԥсны аҳәынҭқарра аргылараҟны. 

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, Гали Гал араиони, хәыҷы-хәыҷла аизҳазыӷьара ишаҿу. Инаҵшьны иазгәаҭан, араион аҿиара аҳәынҭқарратә политика ахырхарҭа хадақәа ишыруаку. Аҳәынҭқарра ҩаԥхьа иацнаҵоит асоциал-економикатә ҿиара аганахь ала апроектқәеи аԥшьгарақәеи рыдгылара. 

Ахада Гали Галтәи араион анхацәеи ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа, аҭынчра, уаҵәтәи амш иацу агәыӷра лаша.

Read 25 times