.
Беслан Бигәаа Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рымш иазкыз аныҳәатә еилатәараҿы дықәгылеит. Дрыдныҳәалеит аусбарҭа хаҭалатәи аилазаареи аветеранцәеи, иазгәеиҭеит аԥсуа милициа аҭоурыхтә традициақәа реиқәырхареи абиԥарақәа реимадареи ирымоу аҵак ду.
"Амилициа амш ҳусбарҭа аҭоурых агәаларшәара, уи ашьақәгылара ахыҵхырҭаҿы игылаз ауаа ҳаҭыр рықәҵара ҷыдала ианазгәаҭо иамоуп. Иалкааны иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рветеранцәа", - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Беслан Бигәаа.
Ахада Ихаҭыԥуаҩ иҳәеит иахьа ишгылаз аусбарҭа иреиӷьу атрадициақәа реиқәырхара, аветеранцәа рԥышәа ахархәара, рзанааҭтә уалԥшьа хьыӡла-ԥшала анагӡара иазку акрызҵазкуа ауснагӡатәқәа жәпакы раԥхьа ишықәгылоу аусзуҩцәа рабиԥара ҿыцқәа.
Ахада Ихаҭыԥуаҩ аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит есҽнытәи рмаҵзуразы, атәылауаа рзакәани рзинқәеи рыхьчаразы, ареспубликаҿы аҭынчреи ауаажәларратә еиҿкаареи ралыршаразы имҩаԥырго аусуразы.
Ахыркәшамҭаз Беслан Бигәаа аусзуҩцәеи аветеранцәеи ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, ахачҳара, амаҵзураҿы ақәҿиарақәа, ҩнаҭацыԥхьаӡа анасыԥ.