▫️ Аԥсны асахьаҭыхҩцәа реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы, Аԥсны Афырхаҵа Џьапуа Баҭал хаҭалатәи ицәыргақәҵа «Нарҭаа рыҩны» аартра.
▫️ Аныҳәатә усмҩаԥгатә иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслани Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслани.
▫️ «Шәара ахаангьы шәыжәлар шәырзааигәан. Шәусумҭақәа аҟазаратә аԥҵамҭақәаны иахьыҟоу адагьы, урҭ ҳҭоурых ҳаргәыларгалоит, ҳаздырхәыцуеит. Иааидкыланы шәырҿиара зегьы ауаа еиднакылоит, ҩныҵҟала, доуҳала ҳарбеиоит, амч ҳарҭоит.
▫️ Шәара иныҟәыжәго ахаҿра зуси зтәылеи бзиа избо ахаҵа изы ҿырԥшыга бзианы иҟоуп. Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп ари ацәыргақәҵа шьахә азы, ишәзеиӷьасшьоит арҿиаратә қәранҵыра ду, агәамч», —иҳәеит Бигәаа Беслан асахьаҭыхҩы диндныҳәало.
▫️ Аекспозициа «Нарҭаа рыҩны» — автор амилаҭтә епоси Маадан Сақаниа иҳәамҭақәеи инарымаданы асахьаркыратә зхәыцразы шықәсарцәала имҩаԥигоз аусура иалҵшәахеит.
Ацәыргақәҵаҟны ицәыргоуп еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иаԥҵаз 120 усумҭа инареиҳаны.