Print this page
Асабша, 17 Ажьырныҳәа 2026 11:51

Ешба Беслан ақыҭа аҿиара иазкыз Аминистрцәа реилазаара аилацәажәара далахәын

 

 

▫️ Ешба Беслан Аԥыза-министр Делба Владимир ақыҭа адгылара аҭаразы аҳәынҭқарратә программа анагӡараан аусбарҭақәа русеицура алзыршо агәыԥ аԥҵара иазкыз иажәалагала дадгылеит.  

 

▫️ «Ахада Инашьҭымҭаҟны ҳазҭалаз ашықәс ақыҭа иашықәсны ирылаҳәан. Уи аҳәамҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп ақыҭа аинфраструктуреи Афельдшер-акушертә пункт аусуреи ирызку ауснагӡатәқәа. Иара убас ирылаҳәан ақыҭа арҵаҩы аҷыдатә зинқәа  иҭара шаҭаху атәы. Азҵаарақәа рацәан, урҭ реиҳарак аусбарҭабжьаратәқәа ирызкын аҟнытә аусуратә гәыԥ аԥҵара хымԥада иаҭахуп» , — иаҵшьны иҳәеит Ешба Беслан.

 

▫️ Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы иара убас иазгәеиҭеит аусура аиҿкаараҟны ихадараны иаҟалар шакәу Ақыҭанхамҩа аминистрра. 

 

▫️ «Ақыҭа дгьылҵакырақәа, анхацәа, ақыҭауаа рыдгылара — атәыла асоциал-економикатә ҿиараҟны ихадароуп, избан акәзар ақыҭанхамҩа ихадароу аекономика аусхкқәа ируакуп, уи аекономика аизҳара иацхраароуп», —иҳәеит Аԥыза-министр Делба Владимир.

 

▫️ Аԥыза-министр Делба Владимир  имҩаԥигаз аилацәажәара иара убас иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Нанба Џьансыхә, афинансқәа рминистр Гәбаз Саид, аекономика аминистр Амқәаб Ҭемраз.

 
Read 17 times Last modified on Асабша, 17 Ажьырныҳәа 2026 11:53