Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Иусԥҟала Аԥсадгьыл аҿаԥхьа ҷыдалатәи хаҭалатәи илшамҭақәа рзы, Аԥсны Аишахаҵаратә Ныха гәцаракрала амаҵ ауреи аиҭеираҟны илагамҭеи рзы, иара убас адоуҳа-леишәатә қьырсиантә традициақәа реиқәырхареи рырҿиареи, Аныхеи аҳәынҭқарреи реимадара арӷәӷәареи рзы Бассарион Аԥлиаа ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара.